dcsimg

Абаклаџьан ( abkhaze )

fourni par wikipedia emerging_languages
 src=
Абаклаџьан

Абаклаџьа́н[1], Абаклажан (алаҭ. Solanum melongena) — захьӡу ауҭраҭых ҵиаагьы аҟәымқәа рҭаацәара иаҵанакуеит. Уи аџьынџьдгьыл ахьыҟоу Индиа ауп. Уаантәи инанагеит Китаитәылаҟа 3000 шықәса уажәы аҧхьа. Европаҟа иаанагеижьҭеи рацәак шымҵуагьы уи хархәара ҕәҕәа аиуит ажәларқәа рыфатә хкқәа рыҟаҵараҿы. Уи иҿало ашәыр ажьы таатоуп, иахоу ацәа еиҳа икьакьоуп. Ҧшшәахәыла абаклажан иҟоуп еиқәаҵәоу, иҩежьу, ишкәакәоу, цәаҳәа- цәаҳәа изылдоу уб. иҵ. Ашәыр ажьы атаатара иагәылоуп ажәлақәа рацәаны. Иҿиоит абаклажан жәлала, аиҭаҳатә рхи- аны еиҭарҳауеит иазырхиоу аҭыҧаҿы, бзиа иабоит аҧхарра. Акартоши абаклажани рбыҕьқәа ирызгагоуп колорадатәи абжқәа. Урҭ абжқәа хәышәла рнырҵәара анаҩсгьы иалшо- ит напыла рыҟәшәара. Аус злоу аҿиаха рымҭакәа ианаамҭоу иҟәшәаны рнырҵәара ауп. Абаклажан ишаӡоу ирфаӡом. Уи рӡуеит, иржәуеит, идырҵәуеит, аӡынхәы ҳәа иадыркуеит.

Абаклажан шәыр афатә алырхуеит цқьа ишәаанӡа, цқьа ишәыз абаклажан ажәла кьа- кьоуп, агьамагьы ашоуп.

Аҟәымқәа рҭаацәара зыхьӡ аху аҟәым еиқәаҵәа (паслён черный) иҿало ашәырргәыц еиқәаҵәақәа ианшәлакь рышҳамра рылҵуеит. Аҟәым еиқәаҵәа абҕьи, агәыцәи, ашәҭқәеи ашҳам рылоуп.

Аҟәым еиҧшу ҳаскьын ҵиаауп аҭаҭын фҩыхаа (душистый табак). Уи аҧшӡаразы апаркқәа рҿы еиҭарҳауа аҵиаақәа ире- иуоуп.

Алитература

  • П. К. Кәыҵниа, «Аҵиаақәа, абактериақәа, акәыкәбаақәа рбиологиа», Аҟәа – 2011

Ахьарҧшқәа

  1. В. А. Касланӡиа, «аҧсуа-аурыс жәар», (аред. Б. Гь. Џьонуа) Аҧсны аҭҵаарыдаррақәа ракадемиа. Д. Гәлиа ихьӡ зху аҧсуаҭҵааратә институт, Аҟәа, 2005
licence
cc-by-sa-3.0
droit d’auteur
Wikipedia authors and editors

Абаклаџьан: Brief Summary ( abkhaze )

fourni par wikipedia emerging_languages
 src= Абаклаџьан

Абаклаџьа́н, Абаклажан (алаҭ. Solanum melongena) — захьӡу ауҭраҭых ҵиаагьы аҟәымқәа рҭаацәара иаҵанакуеит. Уи аџьынџьдгьыл ахьыҟоу Индиа ауп. Уаантәи инанагеит Китаитәылаҟа 3000 шықәса уажәы аҧхьа. Европаҟа иаанагеижьҭеи рацәак шымҵуагьы уи хархәара ҕәҕәа аиуит ажәларқәа рыфатә хкқәа рыҟаҵараҿы. Уи иҿало ашәыр ажьы таатоуп, иахоу ацәа еиҳа икьакьоуп. Ҧшшәахәыла абаклажан иҟоуп еиқәаҵәоу, иҩежьу, ишкәакәоу, цәаҳәа- цәаҳәа изылдоу уб. иҵ. Ашәыр ажьы атаатара иагәылоуп ажәлақәа рацәаны. Иҿиоит абаклажан жәлала, аиҭаҳатә рхи- аны еиҭарҳауеит иазырхиоу аҭыҧаҿы, бзиа иабоит аҧхарра. Акартоши абаклажани рбыҕьқәа ирызгагоуп колорадатәи абжқәа. Урҭ абжқәа хәышәла рнырҵәара анаҩсгьы иалшо- ит напыла рыҟәшәара. Аус злоу аҿиаха рымҭакәа ианаамҭоу иҟәшәаны рнырҵәара ауп. Абаклажан ишаӡоу ирфаӡом. Уи рӡуеит, иржәуеит, идырҵәуеит, аӡынхәы ҳәа иадыркуеит.

Абаклажан шәыр афатә алырхуеит цқьа ишәаанӡа, цқьа ишәыз абаклажан ажәла кьа- кьоуп, агьамагьы ашоуп.

Аҟәымқәа рҭаацәара зыхьӡ аху аҟәым еиқәаҵәа (паслён черный) иҿало ашәырргәыц еиқәаҵәақәа ианшәлакь рышҳамра рылҵуеит. Аҟәым еиқәаҵәа абҕьи, агәыцәи, ашәҭқәеи ашҳам рылоуп.

Аҟәым еиҧшу ҳаскьын ҵиаауп аҭаҭын фҩыхаа (душистый табак). Уи аҧшӡаразы апаркқәа рҿы еиҭарҳауа аҵиаақәа ире- иуоуп.

licence
cc-by-sa-3.0
droit d’auteur
Wikipedia authors and editors